Шьалуа Папуашвили – Атәым ҳәынҭқаррак атәылауаа ма анапхгара ахаҭарнак иакәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла ахырхарҭа иҳәаақәызҵо
«Атәым ҳәынҭқаррак атәылауаа ма анапхгара ахаҭарнак иакәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла ахырхарҭа иҳәаақәызҵо», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар атәыла аинституциатә аҿиареи адемократиеи ауп ирҭаху.
Ҳара даҽазнык иаабеит ҳтәылаҿ акаста шыҟоу, аоппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи реидҵара, дара, абжьааҧнытәи Орџьоникиӡеаа роуп, дара, изакәызаалак ак ала ақырҭуа жәлар ирыдҳәалам. Дара зны даҽа бираҟк иаҵагылеит, нас, даҽа тәылак ахьыӡрашәа рҳәеит, убри ашьҭахь, атәымтәыла аполитика ашьаҭала рхатә усхәаҧштә еиқәдыршәеит, аҵыхәтәаны, даҽа ҳәынҭқаррак аҳҭнықалақь ашҟа ицаны, рыҧсадгьыл ацәгьа рҳәеит. Абри ачарҳәаратә ҭоурых ишиашо аефираҿ иаабеит. Жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра иааҧҵәаны алхра ҟарҵар рылшоит, Саломе Зурабишвили, аибашьра ахартиа асахьала, Орџьоникиӡеаа рсиа еиқәлыршәеит. Ақырҭуа жәлар ибзиаҵәҟьаны иддырбеит алхра ҟарҵар шрылшо – ма Қырҭтәыла аинтересқәа, ма атәым тәыла аинтересқәа. Жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра уаҳа ҧсыхәак роуам, ихьыҧшым атәылаа ҳамазар рҭаху, амарионеттә режим ҳамазар ҳҭаху ирыӡбароуп», — иҳәеит Папуашвили.