Шьалуа Папуашвили – Атәылауаҩратә уаажәларра иазку Франкенштеин имодель аперспектива амам, аартызаара иазку азакәан ари апробема аӡбаразы ашьаҭа бзиа аҧнаҵоит
«Атәылауаҩратә уаажәларра иазку Франкенштеин имодель аперспектива амам, аартызаара иазку азакәан ари апробема аӡбаразы ашьаҭа бзиа аҧнаҵоит», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашивли асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, аидеологиатә конформизми аартызаара аҟамзаареи алоуп атоталитартә уаажәларра адемократиатә уаажәларра излеиҧшым.
«Иҳаҩсыз амчыбжь азы «атәылауаҩратә уажәларра», ҽакала иаҳҳәозар, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа дара иртәу аиҿкаара — «Ҧхашьароуп» иақәыҕәҕәо иалагеит, избанзар, ари аиҿкаара, аартызаара иазку азакәан инақәыршәаны, ахатә финансыркра аргаматәра аҭаххеит. Аха, ақәыҕәҕәареи аршәареи амшала, ари аиҿкаара ихьаҵын, рдиректоргьы аиҿкаара далырцеит. Абри афак алагьы иубарҭоуп аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Шәааи, иаартны иаҳҳәап, иҧсабаратәым атәылауаҩратә уаажәларра аҧҵарала, америкатәи европатәи адонорцәа Қырҭтәыла амонстр Франкенштеин даҧырҵит, иахьа уажәраанӡа уи аҳәынҭқарра дажәылон, уажәшьҭа ахатә алахәылацәагьы рықәыҕәҕәара иалагеит. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа реиҳара аҳәаанырцәынтә ироуа аҧара иахьыҧшуп. Аидеологиатә конформизми аартызаара аҟамзаареи алоуп атоталитартә уаажәларра адемократиатә уаажәларра излеиҧшым.
Рыцҳарас иҟалаз, ақырҭуа «атәылауаҩратә уаажәларрао» актәи авариант еиҧшуп. Ауаа рыршәара, аидеиақәа рцензура, алабҿабара атәамбара, ауаа рҭаххарақәа мап рыцәкра дара рзыҳәан иҟазшьарбагоу факторқәас иҟалеит. Зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара «Ҧхашьароуп» ҧаса ҳполицаицәа «Молотов икоктеилтқәа» ргәыдҵара иаҿын. Абри аҩыза авандализм Қырҭтәыла абиуџьет ханарҭәаауеит», — иҳәеит Папуашвили.