Шьалуа  Папуашвили – Атәылақәа рацәа рҿы  ЛГБТ апропаганда амшала, иреиҳаҭоу ачынуаа аҳәамҭақәа рыҟаҵара рықәшәеит, Қырҭтәыла атәылауаа абри аҩыза ашәарҭара иҭагылар рҭахым   
Шьалуа  Папуашвили – Атәылақәа рацәа рҿы  ЛГБТ апропаганда амшала, иреиҳаҭоу ачынуаа аҳәамҭақәа рыҟаҵара рықәшәеит, Қырҭтәыла атәылауаа абри аҩыза ашәарҭара иҭагылар рҭахым   

«Адискуссиа ҭынч имҩаҧысуеит. Ажәлар ари азҵаара иадҳәаланы иҳадгылоит ҳәа сгәы иаанагоит, насгьы, аоппозициаагьы ҿырҭуам, иәгаҕьны абри азҵаара изадгылом, адҵақәа рызҭо ауаа ирыцәшәоит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла,  иаҧшьаргаз аконституциатә ҧсахрақәа зегьы ажәлар ирызцәырыргоит.

«Ари атәылаҿ ажәлар рыӡбара  азакәан аҳасабала ишьақәырҕәҕәазароуп. Аргументқәа мариоуп. Ҳтәыла аҿаҧхьа ицәырҵуа аҳасабтәқәеи хәыҷы-хәыҷла ҳтәыла иалало атренди, уи иадҳәаланы  иаамҭаны ажәлар рпозициа еилаҳкааруоп.  Атәылақәа рацәа рҿы  ЛГБТ апропаганда амшала, иреиҳаҭоу ачынуаа аҳәамҭақәа рыҟаҵара рықәшәеит, Қырҭтәыла атәылауаа абри аҩыза ашәарҭара шыҟоу рбоит, абри аҩыза ашәарҭара  иҭагылар рҭахым. Қырҭтәыла анапхгара ақырҭуа жәлар ирҭахарнакцәоуп, ажәлар ринтересқәа ирықәныҟәоит», — иҳәеит  Папуашвили.