Шьалуа  Папуашвили – Ацҳаражәҳәарҭа атәыла аҩныҵҟатәи адебатқәа рҽалагалара иахәҭам, Америка ацҳаражәҳәарҭ ауи ауп изҿу
Шьалуа  Папуашвили – Ацҳаражәҳәарҭа атәыла аҩныҵҟатәи адебатқәа рҽалагалара иахәҭам, Америка ацҳаражәҳәарҭ ауи ауп изҿу

Ацҳаражәҳәарҭа атәыла аҩныҵҟатәи адебатқәа рҽалагалара иахәҭам. Рыцҳарас иҟалаз, Америка ацҳаражәҳәарҭа уи ауп изҿу, — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Папуашвили иҳәамҭала, Америка ацҳаражәҳәарҭа адезинформациа аланарҵәоит.

«Ирыҩуаз апостқәа зегьы ииашамызт, аманипулиациан.  Ҳара еснагь иаҳҳәалоит шәгәы шәҽаныз, адезинформациа аларҵәара аҧара азоушәмышьҭын ҳәа. Рацҳарас иҟалаз, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭагьы адезинформациа хыҵҵырҭас иҟалеит. Сымҩашьзар, х-постк иҟан, рыхҧагьы дезинформациан ма аманипулиациатә ҟазшьа рыман, ҳәарада, уи иаҳзеиҧшу адемократиатә принципқәа ирышьашәалам», — иҳәеит  Папуашвили.