Шьалуа Папуашвили - Ацәгьауҩы иҟны аполитикатә еизыҟазаашьақәа ишахәҭоу еиԥш раарԥшра ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа ирҿагылоит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә каҭаҿы Германтәылеи Евроеидгылеи азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи рструктурақәа рҿы имҩаԥигаз аиԥыларақәа Зураб Адеишвили иҽалархәра дахцәажәеит.
Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, Зураб Адеишвили ацәгьауҩы иоуп, уи ауаа рыргәаҟреи абизнес арҳәреи ихароуп.
„Зураб Адеишвили ацәгьауҩы иоуп, уи ауаа рыргәаҟреи абизнес арҳәреи ихароуп. Уи арҭ ацәгьоурақәа рзы аҭакра иқәуп.
Ацәгьауҩы иҟны аполитикатә еизыҟазаашьақәа ишахәҭоу еиԥш раарԥшра ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа ирҿагылоит“, – иҩит Шьалу Папуашвили.
Қырҭтәыла аиустициа ԥасатәи аминистр Зураб Адеишвили иҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара ашьҭахь Қырҭтәыла анапхгара рхаҭарнакцәа акритикатә ҳәамҭақәа ҟарҵеит. Уи ашьҭахь аҳәамҭақәа аладырҵәеит Германтәыла ацҳаражәҳәареи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакреи.
Зураб Адеишвили Қырҭтәыла усқәак рзы аҭакра иқәҵоуп.