Шьалуа Папуашвили – Ашәамахь жәлар Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит, Қырҭтәылеи Шәамахьатәылеи реизыҟазаашьақәа ашәышықәсатәи агәреибагара ашьаҭала ишьақәгылаз  аҭоурыхтә ашьаҭа ҕәҕәа рымоуп
Шьалуа Папуашвили – Ашәамахь жәлар Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит, Қырҭтәылеи Шәамахьатәылеи реизыҟазаашьақәа ашәышықәсатәи агәреибагара ашьаҭала ишьақәгылаз  аҭоурыхтә ашьаҭа ҕәҕәа рымоуп

Аешьаратә ашәамахь жәлар излаҽхәаша аҭоурыхтә хҭысқәа рацәа ргәалашәоит, аха, иахьатәи ауснагӡатә Шәамахьатәыла аҭоурыхаҿ зҵакы дуу арыцхә  – ахьыҧшымра аиура иазкуп. Иара убас, иахьа, ҳаҭыр дула иҳгәалаҳаршәоит иуадаҩӡоу аҭоурыхтә аамҭақәа зхызгаз ауаа. Убри адагьы,  атәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз ауаагьы иахьа ҳаҭыр дула иҳгәалаҳаршәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаҧгаз адкылараҿы данықәгылоз.

„Мызқәак раҧхьа, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицура астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, уи ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәеи реиҩызареи иахылҵит. Ҳазхылҵыз ауаа ишьаҭаркыз аешьареи аиҩызареи аполитика хымҧада инаҳагӡароуп, абри ауп  ҳажәларқәа рдоуҳатәи рматериалтәи аҿиара шьаҭас иамоу.  Ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп, аха, ари аганахьала иҟоу апотенциал инагӡаны ахархәара ҳалшарц азыҳәан, Аахыҵ Кавказ арегионаҿ хымҧада аҭынчра иҟазароуп, Қырҭтәыла еснагь аҭынчра ашьақәыргылара  ацхраара иазыхиоуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Қырҭәәыла апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара арегион ах-тәылак ринтересқәа ирыҵанакуеит.

„Агәра ганы сыҟоуп арегион ах-тәылак русеицура абзоурала иакымкәа апроект дуқәа қәҿиарала рынагӡара шҳалшо. Ашәамахь жәлар гәыкала Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит! Шәамахьтәыла аҭынчреи аҧеиҧш бзиеи азеиҕьасшьоит“, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы.