Шьалуа Папуашвили – Ақырҭуа жәлар ирыӡбаша азҵаарақәа иарбанзаалак даҽа аҳҭнықалақьк аҿы иӡбазар ҟалом
«Ақырҭуа жәлар еснагь аҳәара иаҿуп ари атәыла ишаҧшәымацәоу, ақырҭуа жәлар ирыӡбаша азҵаарақәа иарбанзаалак даҽа аҳҭнықалақьк аҿы иӡбазар ҟалом», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Ҭина Бокучава иҟалҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Лара ишылҳәаз ала, Бриуссель зегьы иднарбароуп альтернативтә аполитикатә мчы шыҟоу.
Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, оппозициаа аҳәаанырцәынтә аҧара роуеит, убри аҟынтә, аҳәаанырцә алегитимра иашьҭоуп.
«Ҳара лабҿаба иаабоит дара аҳәаанырцәынтә аҧара шроуа. Убри аҟынтә, ҳәарада, дара ақырҭуа жәлар рыгәҭа акәымкәа, аҳәаанырцә алегитимра иашьҭоуп. Ҳара ақырҭуа жәлар рҟынтә алегитимра ҳамоуп. Аҵыхәтәантәи жәашықәса ишаҳнарбаз ала, ақырҭуа жәлар еснагь аҳәара иаҿуп дара ари атәыла ишаҧшәымацәоу, убри аҟынтә, ақырҭуа жәлар ирыӡбаша азҵаарақәа иарбанзаалак даҽа аҳҭнықалақьк аҿы иӡбазар ҟалом», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.