Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам
“Ақырҭуа гәахәтәы” алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар арадикалцәа зеьы ирдырбоит Михеил Саакашвили ирежим ареконструкциа зин аӡәгьы шиимҭо.
“Аҭҵаарақәа зегь рыла иубарҭоуп”Амилаҭтә ҵысреи” “Ақырҭуа гәахәтәы” еиуеиԥшым адунеи аҿы ишыҟоу. Ари ала алхрақәа рҿы 100 бжьы акәым, 113 бжьы ахцәажәара алшара ҳамоуп. Аконституциатә аиҳара 113 мандат роуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам. Ақырҭуа жәлар арадикалцәа зеьы ирдырбоит Михеил Саакашвили ирежим ареконструкциа зин аӡәгьы шиимҭо”, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы ишааицҳаз ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” аконституциатә аиҳара аиуроуп.