Шьалуа Папуашвили аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Евроеидгыла алалара азҵаараҿы еидгыларц
«Аполитикатә гәыҧқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит Евроеидгыла алалара азҵаараҿы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдгыларц», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абиуро аилатәараҿы.
«Аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла ауааҧсыра иҟарҵаз алхреи Аконституциаҿы иҟоу анҵамҭеи ирықәныҟәарц. Евроеидгыла алаларазы ареформақәа шымҩаҧгатәу жәдыруеит. Уи атәыла аиҳабыреи апарламенти инарыгӡараны иҟоу, иуадаҩу атехникатә усуроуп. Убри аҟынтә, аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апарламенттә аиҳареи аиҳабыреи ирыдгыланы, аусура рхы аладырхәырц», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.