Шьалуа Папуашвили - Аҧсуааи ауаҧсааи ҳареи, ҳаидгыланы, европатәи амҩа ҳаицхысуеит, ари амҩа аинааларала иалагоит, ари амҩа аешьареи аиҕареи еиҟәнашоит
Аҧсуааи ауаҧсааи ҳареи, ҳаидгыланы, европатәи амҩа ҳаицхысуеит, ари амҩа аинааларала иалагоит, ари амҩа аешьареи аиҕареи, аибашьра аҭахреи аибашьра ахьыҟалаз ахьхәреи, аибашьра зхароуи аибашьра иалаӡызи еиҟәнашоит. Ари амҩа егьуадаҩуп егьмариоу, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Русҭави, „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә кампаниа арегионалтә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, ари амҩа егьуадаҩуп егьмариоуп.
„Ҳара-ҳара еибаҳҭаз ахьаа мацара ҳазхәыцыр, иуадаҩхоит. Ҳгәы иҭоу ҳамҳәар, ус баша ари ахьаа ҳхәаҽыр, ахьырхәра зықәнагоу дахьҳмырхәыр, анажьра зықәнагоу ианаҳмыжьыр, ари амҩа уадаҩхоит. Аха, иҳабжьаз, уажәгьы иҳабжьоу абзиабара ҳазхәыцыр, ари амҩа мариахоит. Еилаҧсоу ҳҭаацәарақәа, иаҳзеиҧшу аныҳәарҭақәа, ҳгәы зыздуу ҳҭоурых ҳазхәыцыр, ари амҩа мариахоит. Аоппозициаа абри зегьы иаҿагылоит. Абри ауп аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ирҳәоз, анационалисттә риторикала, аинаалара иаҿагыларц азыҳәан аҿыҵга аҧшаарала“, – иҳәеит Папуашвили.
Папуашвили иҳәамҭала, аоппозициаа рхаҭагьы ишьақәдырҕәҕәеит атәыла аидҵаразы иаҭаху аконституциатә процессаҿ аконструктивтә роль нарыгӡаратәы изакәызаалак шанск шрымам.
„Дара рхаҭагьы ишьақәдырҕәҕәеит атәыла аидҵаразы иаҭаху аконституциатә процессаҿ аконструктивтә роль нарыгӡаратәы изакәызаалак шанск шрымам. Убри аҟынтә, атәыла аидҵаразы мҩазаҵәык ауп иҟоу, „Ақырҭуа гәахәтәы“ аконституциатә аиҳара аиуроуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.