Шьалуа Папуашвили – Аҧара шнырхо аадырҧшырцаз шықәсык аҿҳәара рыман, аха, уи ҟарымҵеит, убри аҟынтә, ажәлар ари азҵаара закәанла аҭыҧ иқәҵаны аҧара аныхшьа иазку аинформациа аиура  азин рымоуп
Шьалуа Папуашвили – Аҧара шнырхо аадырҧшырцаз шықәсык аҿҳәара рыман, аха, уи ҟарымҵеит, убри аҟынтә, ажәлар ари азҵаара закәанла аҭыҧ иқәҵаны аҧара аныхшьа иазку аинформациа аиура  азин рымоуп

Раҧхьа иргыланы, адемократиатә принципқәа ирышьашәалам даҽа тәылак аҿы маӡала аҧара аныхра,  аха,  рыцҳарас иҟалаз,  европатәи америкатәи фондқәак  абри ауп иҟарҵо. Сара адонорцәеи адипломатиатә хаҭарнакцәеи  шықәсык аҩныҵҟа  раҳәара саҿын  дара Қырҭтәылаҿ аҧара нырхуазар,  ҳуааҧсыра ари аҧара зызку рдыруазароуп ҳәа, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла,  ажәлар ирдыруазароуп атәым аҧара  ахьцо.

„Ари аҧара маӡоуп. Нас,  машәырла еилкаахоит ари аҧара апартиақәеи арадикалтә гәыҧқәеи рахь ишцо. Убри аҟынтә,  уажәы Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рахь азҵаарақәа иҟамзароуп,  уи еиҳангьы,  ақырҭуа жәлар европатәи америкатәи афондқәа рахь азҵаара рымоуп дара ари аҧара маӡала изнырхуа. Дара ибзиаӡаны ирдыруеит ари аҧара маӡала ишнырхуа“, – иҳәеит Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала,   аҧара шнырхо аадырҧшырцаз шықәсык аҿҳәара рыман, аха, уи ҟарымҵеит.

„Европатәи америкатәи фондқәак Қырҭтәылаҿ амаҵзураҷыдақәа рметодқәа рхы иадырхәоит,  апартиақәеи арадикалтә гәыҧқәеи маӡала аҧара рырҭоит.  Азакәанҧҵаҩцәа ақырҭуа жәлар рзы абри зегьы аргаматәра ируалуп.  Агәамҵреи акритикеи зыхҟьаз еилаҳкаауеит.   Аҧара шнырхо аадырҧшырцаз шықәсык аҿҳәара рыман, аха, уи ҟарымҵеит, убри аҟынтә, ажәлар ари азҵаара закәанла аҭыҧ иқәҵаны аҧара аныхшьа иазку аинформациа аиура  азин рымоуп“, – иҳәеит Папуашвили.