Шьалуа Папуашвили - Апатриархиа аҳәамҭа ашьҭахь аоппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рлиустрациа ҟалеит, арҭ ауаа Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ирцәымӷуп
Ақырҭуа патриархиа еснагь ақырҭуа жәлар ирыдгылан, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, аоппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари, ақырҭуа уахәамеи ирцәымӷуп.
«Арҭ ауаа ргәыԥ Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари, ақырҭуа уахәамеи ирцәымӷуп. Ари апроцесс алиустрациа ахылҵит. Арҭ агәыԥқәа рхаҿсахьа аадырԥшит, арҭ ауаа Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭа иаҭакны аиӷаратә риторика шрымаз иубарҭан. Урҭ ирцәымӷуп ақырҭуа идентра иадҳәалоу аинститут…
Мшаԥы 29 рзы зегьы ирҳарбароуп ҳмилаҭ ахьыҟоу, Қырҭтәыла хәынаӡарақәас иамоу, ҳара ҳзы аԥсадгьыли, абызшәеи, адини шыхадоу», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.