Шьалуа Папуашвили апартниорцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит алхратә кампаниа рҽаладмырхәырц,  иазгәеиҭоит адәныҟатәи апропаганда зхы иақәиҭу алхратә ҭагылазаашьа ашьаҭа аԥҵара азалшом ҳәа
Шьалуа Папуашвили апартниорцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит алхратә кампаниа рҽаладмырхәырц, иазгәеиҭоит адәныҟатәи апропаганда зхы иақәиҭу алхратә ҭагылазаашьа ашьаҭа аԥҵара азалшом ҳәа

“Аоппозициа амчымхара иаҳа лабҿабахоит, уи ацуп алхратә процесс адәныҟатәи аҽалагалара арӷәӷәара”, –  иҳәеит Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абрифинг аҿы.

Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, адәныҟатәи аҽалагалара ауааԥсыра анырра рыҭареи алхрақәа рылҵшәақәа рыла аманипуляциа аҟаҵареи рзы иҟарҵома ҳәа азҵаарақәа цәырҵуеит.

«Алхрақәа ааигәахоит, аоппозициаа рҭоурыхтә аҵахарагьы амҩа иқәуп. Ауаажәларра рзы еилкаауп аоппозициа алхратә кампаниа, апланқәа ракәым, хшыҩҵакқәакгьы шрымам.

Аоппозициаа ркампаниа шьаҭас амоуп аҿагылара, аибарххара, ацәымӷратә жәақәа.

Аоппозициа амчымхара иаҳа лабҿабахоит, уи ацуп алхратә процесс адәныҟатәи аҽалагалара арӷәӷәара. Адәныҟатәи аҽалагалара ауааԥсыра анырра рыҭареи алхрақәа рылҵшәақәа рыла аманипуляциа аҟаҵареи рзы иҟарҵома ҳәа азҵаарақәа цәырҵуеит.

Ҳпартниорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит алхратә кампаниа рҽаламырхәырц. Сгәы шаанаго ала,  адәныҟатәи апропаганда зхы иақәиҭу алхратә ҭагылазаашьа ашьаҭа аԥҵара азалшом”, – иҳәеит Папуашвили.