Шьалуа Папуашвили Апарламентбжьаратә аидгыла 145-тәи ассамблеиа аусура ихы алаирхуеит
Жьҭаара 11-16 рзы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили дызхагылоу Қырҭтәыла апарламент аделегациа Апарламентбжьаратә аидгыла (IPU) 145-тәи ассамблеаиа аусура рхы аладырхәоит. Ассамблеиа Руанда аҳҭнықалақь Кигали мҩаԥысуеит.
Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭанӡагы Шьалуа Папуашвили асессиаҿ дықәгылоит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иколлегацәа рҟны ҩганкалатәи аиԥыларақәа мҩаԥигоит. Аиԥыларақәа раан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхамҵара аполитика адгылара азҵаара иахцәажәоит.