Шьалуа  Папуашвили – Апарламент раҧхьатәи асессиа ашьҭахь, апартиа, апарламентахь имнеиз ауаа асиа раныхра алшоит,  идепутатцәахаз ауаа асиа изанырхуам
Шьалуа  Папуашвили – Апарламент раҧхьатәи асессиа ашьҭахь, апартиа, апарламентахь имнеиз ауаа асиа раныхра алшоит,  идепутатцәахаз ауаа асиа изанырхуам

«Асиақәа дырхынҳәызшәа, ма асиақәа рырхынҳәра ҟалоушәа ирҳәо зегьы мцуп. Аиашаз, асиақәа дмырхынҳәит, апарламент раҧхьатәи аилатәаранӡа уи рзыҟаҵом», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, апарламент раҧхьатәи аилатәара ашьҭахь, апартиа, адепутаттә аилазаара анҭыҵ иҟоу асиақәа рырхынҳәра алшоит.

«Апартиа идепутатцәахаз ауаа асиа раныхра алшом. Адепутат амандат мап ацәкразы арзаҳал иҩыр, усҟангьы апарламент ауп аӡбара здызкыло. Ҳара  2020-2021 шықәсқәа рзы уи ҳбахьеит. Усҟангьы асиақәа ҳархынҳәит ҳәа амц рҳәон, апарламент еизан, рзинмчқәа азханаҵеит, нас, дара рзинмчқәа раанкылара иаҳәон, аҵыхәтәаны, рызынтәгьы апарламентахь инеит. Алхратә комиссиа хада ала аихшьаалатә протокол  ашьақәырҕәҕәара ашьҭахь жәамш ирхымгакәа апарламент раҧхьатәи аилатәара мҩаҧгахоит. Апарламент уи иауалуп, аихшьаалатә протокол ашьҭахь жәамш ирылагӡаны еизароуп. Раҧхьатәи аилатәара аалыҧхьоит атәыла ахада, лара аилатәара аалмыҧхьар, аиалатәара уезгьы имҩаҧгахоит. Абжьыҭирак мҩаҧгахоит,  150ҩык адепутатцәа рзинмчқәа иазхаҳҵоит, апарламент азинмчы аиуеит», – иҳәеит  Папуашвили.