Шьалуа Папуашвили – Апарламент ажәлар ирхаҭарнакуп, радикалцәақәак, атәым акторцәагьы, апарламент ахатә зинмчқәа рынагӡараҿы иаҧырхагахар шырҭаху аабоит
Иацы ҳара даҽазнык иаабеит дара аргумент мацарак шрымоу, ишырҳәо ала, дара аҳәаанырцәынтә ирарҳәеит азакәан шәыдшәымкылан ҳәа – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла апарламент ақырҭуа закәанқәа аднакылароуп.
„Апарламент алахәылацәа рмандат абас ианазныҟәо уамашәа избоит. Дара ажәлар рхаҭарнакцәа роуп. Апарламент ажәлар ирхаҭарнакуп. Иахьа арадикалтә гәыҧқәак, атәым акторцәагьы, апарламент ахатә зинмчқәа рынагӡараҿы иаҧырхагахар шырҭаху аабоит. Ажәлар апарламент алырхит уи ақырҭуа закәанқәа аднакыларц азыҳәан“, – иҳәеит Папуашвили.