Шьалуа Папуашвили - Аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ргәыԥ ахьӡала артиқырҭуа ҵысра шьаҭаркын
Аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ргәыԥ ахьӡала артиқырҭуа ҵысра шьаҭаркын, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, аоппозициатә партиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи асимбиоз рымоуп.
“Аоппозициатә партиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи асимбиоз рымоуп. Уаанӡа русзура имаӡан, иахьа уи зегьы рзы идыруп. Азеиԥш финансркра змоу агәыԥқәа реидҵара азеиԥш планқәа рымоуп. Ари антиқырҭуа ҵысроуп, уи иаԥҵан аоппозициааи иҳәынҭқарратәм еиҿкаарақәеи рыхьӡала”,- иҳәеит Шьалуа Папуашвили