Шьалуа Папуашвили - "Аоппозициатә партиақәа зегьы аԥыххоит" ҳәа аҳәамҭақәа адезинформациоуп
“Аоппозициатә партиақәа зегьы аԥыххоит” ҳәа аҳәамҭақәа адезинформациоуп, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар пату рықәҵара, раԥхьаӡа иргыланы, аиашаӡбара пату ақәҵара ауп иаанаго.
“Евроеидгыла хаҭарнакцәақәак “Амилаҭтә ҵысра” аганахьала аиашаӡбаратә процесс алагара аҽазкра адемократиа аҿагыларатә шьаҿаны ирыԥхьаӡеит. Ари азинтә ҳәынҭқарреи, адемократиатә принципқәеи ирҿагылоит. “Аоппозициатә партиақәа зегьы аԥыххоит” ҳәа аҳәамҭақәа адезинформациоуп. Страстург иҟоу Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы аӡбарҭа аҿы ишышьақәдыргылаз, “Амилаҭтә ҵысра” ахаан абахҭақәа рҿы амч аман “асистематә мчылареи агәаҟреи” рсистема.
Ақырҭуа жәлар пату рықәҵара, раԥхьаӡа иргыланы, аиашаӡбара пату ақәҵара ауп иаанаго, Страстургтәи аӡбарҭа ҳиашаӡбара иҳараку астандарт изныкымкәа шьақәнарӷәӷәеит”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.
Акьыԥхь “Политико” аинформациа ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла аҟынтә агәҽанҵара роуит аполитикатә партиақәа раԥыхра иадҳәаланы.