Шьалуа Папуашвили - Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо "Ақырҭуа гәахәтәи" антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп
2024 шықәсазтәи алхрақәа ҩмчык рхы аладырхәоит – Қырҭтәла европатәи аҭаацәарашҟа иназго “Ақырҭуа гәахәтәи” антиақырҭуа “Амилаҭтә ҵысреи” уи ахәҭақәеи, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо “Ақырҭуа гәахәтәи” антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп.
„ Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, ари атеатр напхгара азызуа даҳбом, акьанџьақәа напхгара ззызуа анапы Қырҭтәылаҿ акәӡам иахьыҟоу. Ари атеатр хәҭакала Михеил Саакашвили ауп дызхагылоу, аха уи Қырҭтәылаҿ дыҟоуп, аха абахҭа дҭакуп. Анапы изтәуда ҳәа азҵаара иқәыргылатәуп. Урҭ хықәкы заҵәык ауп ирымоу – Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рԥырхагахара.
2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо “Ақырҭуа гәахәтәи” антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп”, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.