Шьалуа Папуашвили аоппозициаа рахь - Қырҭтәыла иаҿагыло апропаганда амҩаҧгара азин шәысҭом, ақырҭуа жәлар шәымжьан, ҵыҧх уи шәанаҳажьит, сынтәа ус зыҟалом
«Дарбанзаалак адепутат ақәгылараан атермин «урыстәылатәи азакәан» ихы иаирхәар, амикрофон ҿысхуеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Иара ишиҳәаз ала, ауаа зегьы Қырҭтәыла иаҿагыло апропаганда амҩаҧгара иаҟәыҵроуп.
«Уажәы шәара Қырҭтәыла иаҿагыло апропаганда мҩаҧыжәгоит. Сара уи азин шәысҭом. Дарбанзаалак адепутат ақәгылараан атермин «урыстәылатәи азакәан» ихы иаирхәар, амикрофон ҿысхуеит. Қырҭтәыла иаҿагыло апропаганда амҩаҧгара шәаҟәыҵ. Ҵыҧх уи шәанаҳажьит, сынтәа ус зыҟалом», — иҳәеит Папуашвили.
Апарламент иахьатәи аилатәара аиҿагыларала иалагеит .
Апартиа «Атәылауаа» аҟынтә адепутат Алеко Елисашвили апарламент аилатәараҿы дықәгыланы, аҳәаанырцәтәи афинансыркра аартызаара иазкны анапхгаратә партиа иқәдыргылаз аинициатива дахцәажәеит. Апарламенттә аиҳара Елисашвили иҳәамҭа ргәамҧхеит, убри амшала адепутатцәа аимак рыбжьалеит.