Шьалуа Папуашвили аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апленартә аилатәарақәа рахь инеирц
Шьалуа Папуашвили аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апленартә аилатәарақәа рахь инеирц

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апленартә аилатәарақәа рахь инеирц. Папуашвили ари аҳхәамҭа ҟаиҵеит абиуро аилатәараҿы.

Папуашвили иажәақәа рыла, аоппозициаа апленартә аилатәарақәа рылахәызаара ируалуп.

«Аоппозициаа рҟынтә ашәҟәқәа ҳауит дара апленартә аилатәарақәа рахь анеира ргәы ишҭам азы.  Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп ари апрактика шиашам.  Азҵаара еилымкаакәа аилатәара аҽалархәразы мапкра ҟалом,  абри аҩыза абоикот аформа џьаргьы иҟам.  Сара аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  апленартә аилатәарақәа рахь инеирц.  Русура бжьарыжьыр ҟалом. Дара пленартә аилатәарақәа рҽалархәра ируалуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.