Шьалуа Папуашвили - Аоппозициа хәыҷӡак амчра роур, Урыстәыла иадҳәаланы аҭагылазаашьа дырцәгьоит, Қырҭтәыла адырҩаҽныҵәҟьа аибашьра аҽаланагалоит
«Аоппозициа хәыҷӡак амчра роур, Урыстәыла иадҳәаланы аҭагылазаашьа дырцәгьоит, асанкциақәа шьақәдыргылоит, Украинаҟа абџьар дәықәырҵоит, Қырҭтәыла адырҩаҽныҵәҟьа аибашьра аҽаланагалоит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа алхыҩцәа аоппозициаа рбанерқәа рҿы иаҧхьароуп, дара аибашьра ишазҽлымҳау.
«Мышқәак раҧхьа имҩаҧызгаз абрифинг аҿы ацитатақәа шәзаазгеит, аоппозициаа ақырҭуа ҳәынҭқарра аҟынтә еиуеиҧшым ашьаҿақәа рыҟаҵара ишаҳәоз, арҭ ашьаҿақәа Урыстәыла иадҳәаланы аҭагылазаашьа арцәгьара иазкын. Лымкаала, дара аҳәынҭқарра аҟынтә иаҳәон Украинаҟа аибашьцәа рдәықәҵареи, Украинаҟа абџьар анагареи, Урыстәылатәи аҳәаа аркреи, асанкцақәа рышьақәыргылареи, авизатә режим ашьақәыргылареи, авиареисқәа раҧыхреи уҳәа, убас егьырҭгьы ашьаҿақәа рыҟаҵара.
Абарҭ аҳәарақәа роуп ралхратә ақәыргәыҕрақәа ирыҵанакәа, дара амчра роур, абри зегьы нарыгӡоит. Адырҩаҽныҵәҟьа Украинаҟа аибашьцәа рдәықәҵареи, абџьар аҭара азхәыцреи, ажәҩан аркреи, аҳәаақәа рыркреи, авизатә аҧкрақәа рышьақәыргылареи иалагоит. Дара апарламентаҿ иашьашәалоу азакәанпроектқәа цәырыргахьеит. Абарҭ азакәанпроектқәа азакәанс рыҟаҵаразы мчыбжьык ауп иаҭаху. Ҧастәи абрифинг аҿы уи салацәажәахьеит. Абри зегьы Урыстәыла иадҳәаланы аҭагылазаашьа шарцәгьо сҳәахьеит. Аоппозициа хәыҷӡак амчра роур, Урыстәыла иадҳәаланы аҭагылазаашьа дырцәгьоит, Қырҭәтыла адырҩаҽныҵәҟьа аибашьра аҽаланагалоит. Ақырҭуа алхыҩцәа аоппозициаа рбанерқәа рҿы иаҧхьароуп, дара аибашьра ишазҽлымҳау. Дара ақырҭуа жәлар аибашьра рыдаргалоит», — иҳәеит Папуашвили.