Шьалуа Папуашвили - Аоппозициа изаамҭаным асессиазы абоикот ҟарҵоит, ҽакала иаҳҳәозар, амнистиазы абоикот ҟарҵоит, уи азы алхыҩцәа рҟынтә аҭак роуеит
Аоппозициа изаамҭаным асессиазы абоикот ҟарҵоит, ҽакала иаҳҳәозар, амнистиазы абоикот ҟарҵоит, уи азы алхыҩцәа рҟынтә аҭак роуеит , – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абиуро иахьатәи аилатәараҿы.
«Ишеилыскаауа ала, «Европатәи асоциалистцәеи» «Гирчии» рыда, егьырҭ аоппозициатә партиақәа изаамҭаным асессиазы абоикот ҟарҵоит, ҽакала иаҳҳәозар, амнистиазы абоикот ҟарҵоит. Сгы ишаанаго ала, аҭагылазаашьа аиҕьтәразы зегьы ашанс роуеит. Дара алхыҩцәа рахь ианнеиуа дара рҟынтә аҭак роуеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Апарламент изаамҭаным асессиаҿы изхәаҧшуа азҵаарақәа иреиуп аминистиа иазку азакәанпроект.