Шьалуа Папуашвили - Аоппозициа иҳадыргало аинициатива ма аидеиа рымаӡам, аҳәаанырцә аҟынтә ирырҭо адҵа иадҳәалоуп
Шьалуа Папуашвили - Аоппозициа иҳадыргало аинициатива ма аидеиа рымаӡам, аҳәаанырцә аҟынтә ирырҭо адҵа иадҳәалоуп

Аоппозициа иҳадыргало аинициатива ма аидеиа рымаӡам, аҳәаанырцә аҟынтә ирырҭо адҵа иадҳәалоуп, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, иацы апарламент аҿы имҩаԥысыз азакәанқәа рыхцәажәара рхы аладырхәит ԥшьҩык аоппозициатә депутатцәа.

“Урҭ иҳадыргало аинициатива, аидеиа ма иреалу апретензиа рымаӡам. Ақырҭуа аӡбарҭаҿ ишәгәамԥхои ҳәа ҳанразҵауа, аҭак рымаӡам. Аҭак аҟаҵара изрылымшои?”, – иҳәеит Папуашвили.