Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит
Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили лаҵара 15 – 16 рзы аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит, – ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура.

Дара рдыррала, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадови Мили Меџьлис ахантәаҩы Саҳиба Гафаровеи дырҧылоит.

Шьалуа Папуашвили Геидар Алиев  100 шықәсатәи иубилеи инамаданы Мили Меџьлисаҿ имҩаҧгахо аилатәара ҷыда ихы алаирхәоит.