Шьалуа Папуашвили - Англыз бызшәала «Џьорџьиа» ҳәа иҳашьҭоуп, аха, ҳара америкатә штат Џьорџьиа ҳакәӡам, ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳамоуп, аҳәаанырцәынтә Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аӡәгьы азин имам
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Қырҭтәыла атәылауаа рзы Америка ишьақәдыргылаз асанкциақәа аиуристтә мчы рымам, америкатә аган, санкциак азгьы ашаҳаҭгақәа рызцәырымгеит.
Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, аҳәаанырцәынтә атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аӡәгьы азин имам.
«Ҳполицаицәа ҳрылацәажәозар, иҳаҳаз ахарадҵарақәа изакәызаалак шьаҭак рыҵам. Дара ирхарарҵо аусқәа ирыдҳәаланы аӡәгьы ашаҳаҭгақәа имбеит. Дара ахыхьчара азин рырымҭеит. Арҭ ауаа рганахьала апретензиақәеи афактқәеи цәыргамызт. Ари аӡбара ашәқәа ркны ирыдыркылеит, уи изакәызаалак аиуристтә шьаҭак аҵам. Англыз бызшәала «Џьорџьиа» ҳәа иҳашьҭоуп, аха, ҳара америкатә штат Џьорџьиа ҳакәӡам, ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳамоуп, Қырҭтәылаҿ Қырҭтәыла аиурисдикциоуп амч змоу. Аҳәаанырцәынтә Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аӡәгьы азин имам. Дара Қырҭтәыла атәылауаа рзы ашаҳаҭгақәеи афактқәеи рымазар, ицәырыргароуп, абри ауп еснагь ираҳҳәо. Аха, дара ицәырыргаша ашаҳаҭгақәа рымам, абри ауп аус злоу», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.