Шьалуа Папуашвили - "Амцевропатәи", "амцмраҭашәаратәи" апиедестал аҟынтә ауахәама ахырхарала арадикалцәа ржәыларақәа ауахәама акәым, алиберализми мраҭашәаратәи ахәынаӡарақәа ирԥырхагоуп
Шьалуа Папуашвили - "Амцевропатәи", "амцмраҭашәаратәи" апиедестал аҟынтә ауахәама ахырхарала арадикалцәа ржәыларақәа ауахәама акәым, алиберализми мраҭашәаратәи ахәынаӡарақәа ирԥырхагоуп

“Амцевропатәи”, “амцмраҭашәаратәи” апиедестал аҟынтә ауахәама ахырхарала арадикалцәа ржәыларақәа ауахәама акәым, алиберализми мраҭашәаратәи ахәынаӡарақәа ирԥырхагоуп, – иҩит асоциалтә каҭаҿы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, ауахәама ажәылара ашьаҭа амам, атәыла аԥхасҭа азаанагоит.

Апарламент ахантәаҩы ишааицҳаз, Қырҭтәыла ауахәама атәыла аҭоурых аҿы еснагь ароль ҷыда нанагӡон”, уи урыстәыла иаҵанакуеит ҳәа ақәгыларақәа аҭыԥ рымамзароуп.

„Ажәлар Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәамеи уи анапхгаҩи  бзиа ирбоит, апату ду рықәырҵоит. “Амцевропатәи”, “амцмраҭашәаратәи” апиедестал аҟынтә ауахәама ахырхарала арадикалцәа ржәыларақәа ауахәама акәым, алиберализми мраҭашәаратәи ахәынаӡарақәа ирԥырхагоуп. Абри еиԥш ариториа амшала џьоукы мраҭашәаратәи ахәынаӡарақәеи ақырҭуа традициақәеи адини еинаалом ҳәа рыԥхьаӡар ҟалап”, – иазгәеиҭеит апарламент ахантәаҩы.