Шьалуа Папуашвили - «Амилаҭтә ҵысра» ишиашо, егьырҭ маӡала аҳәара иаҿуп Саломе Зурабишвили лықәыҕәҕәара нагӡатәуп ҳәа, дара Саакашвили ашьауҕа иқәхразы ашьаҭа аҧырҵоит
««Амилаҭтә ҵысра» ишиашо, егьырҭ маӡала аҳәара иаҿуп Саломе Зурабишвили лықәыҕәҕәара нагӡатәуп ҳәа, дара Саакашвили ашьауҕа иқәхразы ашьаҭа аҧырҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иҳәамҭала, Саломе Зурабишвили «Амилаҭтә ҵысра» абзоуралоуп лҭыҧ шылыхьчо.
«Дара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхразы ашьаҭа аҧырҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи убарҭоуп «Амилаҭтә ҵысра» аҳәамҭақәеи, жәларбжьаратәи акторцәа рҳәамҭақәеи, Европарламент арезолиуциеи рыла. Анеҩстәи афарс азы ашьаҭа аҧҵара иаҿуп, уи аполитика арадикализациа зхылҵуа даҽа факторк акәхоит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.