Шьалуа Папуашвили -"Амилаҭтә ҵысра" ақәиҭымтәра азҵаара иадҳәаланы аиҳабыра, ауаажәлар, апартниорцәа ҳаӡбарҭа аднакыло аӡбара агәрагара аадырԥшыроуп
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә каҭаҿы иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, 2024 шықәсазы имҩаԥысуа алхрақәа рҿы аиааира ашьҭахь, анапхгаратә партиа Аконституциатә аӡбарҭа адҵаалоит аполитикатә партиа “Иаку амилаҭтә ҵысра” ақәиҭымтәра азы.
Папуашвили иажәақәа рыла, ари адемократиатә уаажәларра рҿы инормоу процессуп.
“Ажәлар ишраҳҳәаз еиԥш, алхрақәа рышьҭахь “Иаку амилаҭтә ҵысра” ақәиҭымтәра апроцедура ҳалагоит. Ҳконституциа ари алшара ҳанаҭоит.
“Амилаҭтә ҵысра” ақәиҭымтәра азҵаара иадҳәаланы аиҳабыра, ауаажәлар, апартниорцәа ҳаӡбарҭа аднакыло аӡбара агәра аадырԥшыроуп “, – иҳәеит Папуашвили.