Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп
«32 шықәса рыҩныҵҟала Қырҭтәыла изҭагылаз ауадаҩрақәа зегьы рахысраҿы иҳацхраауаз Америка жәлар ҳраҭабууп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, астратегиатә усеицура арҕәҕәара аҵакы ду амоуп, ҷыдала, аекономикатә аизыҟазаашьақәеи ажәларқәа рыбжьара аимадарақәеи рҿы.
«Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра ареалтә економикатә аизыҟазаашьақәеи ажәларқәа рыбжьара аимадареи ирныҧшыр ҳҭахуп. Лымкаала, атәылақәа рыбжьара авизадатә режими, ишиашо авиареисқәеи, Американтә Қырҭтәылашҟа аинвестициақәеи уҳәа, абарҭ азҵаарақәа аҧыжәара рымазароуп. Ари ахырхарҭала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит – америкатә инвестициақәа ралаҵаразы иреиҕьу аинвестициатә лагылазаара ҳамоуп. Авизада аиҭаҵрагьы шәарҭам ҳәа сгәы иаанагоит, уи шьақәырҕәҕәоуп Евроеидгылеи ҳареи иҳабжьоу авизадатә режимгьы. Убри аҟынтә, ҳара ари ашьаҿа ҟаҳҵеит», — иҳәеит Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Америка атәылауаа авизадатә режим рзышьақәнаргылеит.