Шьалуа Папуашвили  - Америка администрациа акыршықәса рыҩныҵҟа астратегиатә партниорцәа ҳәа иҳашьҭоуп, ақырҭуа жәлар рҟынтә асасдкылашьа рҵар акәымзи, дара рхаҭа иҟарҵаз ааҧхьара иаҧырхит
Шьалуа Папуашвили  - Америка администрациа акыршықәса рыҩныҵҟа астратегиатә партниорцәа ҳәа иҳашьҭоуп, ақырҭуа жәлар рҟынтә асасдкылашьа рҵар акәымзи, дара рхаҭа иҟарҵаз ааҧхьара иаҧырхит

Америка администрациа акыршықәса рыҩныҵҟа астратегиатә партниорцәа ҳәа иҳашьҭоуп, ақырҭуа жәлар рҟынтә асасдкылашьа рҵар акәымзи, дара рхаҭа иҟарҵаз ааҧхьара иаҧырхит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Ажурналистцәа Папуашвили иазҵааит  „Америка абжьы“ аинформациа иазкны. Ари аинформациа инақәыршәаны,  „Аханатә Иракли Кобахиӡе Америка ахада идкыларахь ааҧхьара зауз рсиа данын, аха, Баиден иадминистрациа ари ааҧхьара иаҧырхит. Иара убас, администрациа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы мап ркит“. Амедиахаҭарнакцәа Папуашвили иазҵааит ари аинформациа шьақәирҕәҕәома ҳәа. Апарламент ахантәаҩы абас аҭак ҟаиҵеит:

„Ааи, ишыздыруа ала, абасҵәҟьа иҟалеит. Уи исериозым. Ҳазлацәажәараны иҟои, дара рхаҭа иҟарҵаз ааҧхьара адырҩаҽны иаҧырхит.  Администрациа рхымҩаҧгашьа, раҧхьа иргыланы, Америкеи америкауааи рзы иҧхашьагоуп.

Егьи аганахьала, абри зегьы лабҿаба иҳнарбоит аоппозициаа рҭагылазаашьа шыуадаҩу, рхымҩаҧгашьа ала астандартқәа зегьы еиларгоит.  Америка администрациагьы аоппозициаа аҳәатәы рырҭар рҭахуп. Рыцҳарас иҟалаз, абригьы ҳтәыла аҩныҵҟатәи аполитика аҽалагалара ауп иаанаго.  Абри аҩыза ахымҩаҧгашьа изакәызаалак ахәшьарак сзаҭом. Америка администрациа акыршықәса рыҩныҵҟа астратегиатә партниорцәа ҳәа иҳашьҭоуп, ақырҭуа жәлар рҟынтә асасдкылашьа акәзаргьы, ак рҵар акәымзи, ишубарҭоу ала, ишахәҭаз еиҧш идҳмырҵеит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.