Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам
Иахьа иҭахаз аиункерцәа ргәаларшәара мшуп, аиункер-қәыԥшцәа Асоветтә ампыҵахалареи Асоветтә ари ирҿагылан, иҭахеит, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажқәақәа рыла, аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам.
Атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә орган аҟны апарламент ахантәаҩиы Шьалуа Папуашвилии, аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Коюахиӡеи Қарҭ ахада Каха Калаӡеи анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәеи аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
1921 шықәса жәабран 17 рзы асоветтә Урыстәыла 11-тәи ар Қырҭтәыла аннексиа мҩаҧыргеит. 1921 шықәса жәабран 25 рзы, Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазықәҧоз аиункерцәа реиҳара фырхаҵарыла ақәҧараҿы иҭахеит.