Шьалуа Папуашвили агәылареи арҭбаара иазку аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа агенералтә директор диҧылеит

14:28, 02.05.2024

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили агәылареи арҭбаара иазку аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы  Еврокомиссиа  агенералтә директор  Герт Иан Копман диҧылеит.

Апарламент апресс-маҵзура адыррала, Шьалуа Папуашвили  Копман ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара апроцессаҿы қәҿиарала аусеицуразы.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа жә-абжьагарак рынагӡара апроцесс шымҩаҧысуа иалацәажәеит.  Копман ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ Қырҭтәыла аус ацура дазыхиоуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи арегиони рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәеит», — ирҳәеит апарламент апресс-маҵзураҿы.

 

Еиԥшу