Шьалуа Папуашвили - Афашизм аҭархара амш шәыдсныҳәалоит, ҷыдала ирыдысныҳәалоит Аҩбатәи адунеитә аибашьра аветеранцәа, адунеи зегьы аҭынчра азеиӷьасшьоит
Афашизм аҭархара амш шәыдаҳныҳәалоит, ҷыдала рыдысныҳәалоит Аҩбатәи адунеитә аибашьра аветеранцәа, адунеи зегьы аҭынчра азеиӷьасшьар сҭахуп, — иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә каҭаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Аҩбатәи адунеитә аибшьреи, ҳаамҭазтәи арратә операциақәеи амиссиақәеи рҿы ақырҭуа аруаа рхамеигӡара ҳәаа амамызт.
“Ацәгьара аҭархара аус аҿы Қырҭтәыла алагала дууп. Аҩбатәи адунеитә аибшьреи, ҳаамҭазтәи арратә операциақәеи амиссиақәеи рҿы ақырҭуа аруаа рхамеигӡара ҳәаа амамызт.
Адунеи аҭагылазаашьа цәгьоуп. Урыстәыла Украина аганахьала аанарԥшыз агрессиа иаҳнарбеит аибашьра еснагь ацәгьоура, агәаҟра шаанаго.
Убри аҟынтә аҭынчра ахьчара ауп хықәкы хадас иҳамоу!” – иазгәеиҭеит Папуашвили.