Шьалуа Папуашвили - Аелитартә иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәа иаҟарҵаз ааԥхьара иагхаз апатриотизмуп, шәаанҿас, иазхоуп, аԥырхагаҟаҵара уаҳа аҭахым
Қырҭтәыла иҟоу аАтәылауаҩратә уаажәларра русзура апату ду ақәысҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, Аелитартә иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟарҵеит.
„Атәылаҿ иҟоуп 169 иҳәынҭйарратәым аиҿкаарқ, урҭ рыззегьы срыхцәажәом, аелитартә аиҿкаарақәа мацара сырзааҭгылоит. Арҭ Аелитартә иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәа апарламент алахәылацәа ирныруан, ирықәыӷәӷәон, арекомендациақәа рынагӡара иаԥырхагахарц азы“, – иҳәеит Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари аиааира ргоит.
„Аелитартә иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәа иаҟарҵаз ааԥхьара иагхаз апатриотизмуп, шәаанҿас, иазхоуп, аԥырхагаҟаҵара уаҳа аҭахым“, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟарҵеит “атәылаҿ апроблемақәа шыҟоугьы Қырҭтәыла астатус анашьаразы абжьагара ҟарҵарц”. Аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиуразы Еврокомиссиантә абжьагара иазыҧшуп. Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирзеиҧшу ахықәкы рымоуп – Қырҭтәыла ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчареи раарҧшреи, европатәи адемократиатә принципқәа рыхьчареи рырҕәҕәареи.