Шьалуа Папуашвили – Адонорцәа Қырҭтәыла иаларҵо аҧара аргаматәра иазкны сышрыдҵаалазгьы, дара ҿырҭуам, еиҿкаарақәак рхарџьқәа рҵәахуеит
«Рыцҳарас иҟалаз, адонорцәа Қырҭтәыла иаларҵо аҧара аргаматәра иазкны сышрыдҵаалазгьы, дара ҿырҭуам, аиҿкаарақәак рхарџьқәа рҵәахуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иҳәамҭала, аус бзиақәа ҟарҵозҭгьы, урҭ рыҵәахра аҭаххомызт.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы аполиткиатә партиақәа азхарҵеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧҵаны, аҳәаанырцәынтә афинансқәа шроуа. Ишеилаҳкааз ала, Қырҭтәыла иҟоуп зхарџьқәа зҵәахуа афондқәа. Рыцҳарас иҟалаз, адонорцәа Қырҭтәыла иаларҵо аҧара аргаматәра иазкны сышрыдҵаалазгьы, дара ҿырҭуам, аиҿкаарақәак рхарџьқәа рҵәахуеит. Иара убас, адонортә аиҿкаарақәак Қырҭтәылаҿ рхарџьқәа рҵәахуеит. Аус бзиақәа ҟарҵозҭгьы, урҭ рыҵәахра аҭаххомызт. Ишаабаз еиҧш, адонортә аиҿкаарақәак маӡала аполитикатә партиақәа аҧара рзоурыжьҭуеит, амчылара ала иалкаау арадикалтә аиҿкаарақәа аҧара рзоурыжьҭуеит. Адонорцәеи ацҳаражәҳәарҭақәеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит афинансыркра иазку аинформациа цәырыргарц», — иҳәеит Папуашвили.