Шьалуа Папуашвили - Адеишвили Украинаҿ адемократиа аргылара даҿуп, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа иҽалархәра ада ԥсыхәа ҳамам ҳәа Германттәылатәи Европатәи аинститутқәа ақырҭуаа агәра рдыргара ишԥарылшо сзеилкаауам
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа алаирҵәеит.
Папуашвили иажәақәа рыла, Украина анапхгара ақырҭуа криминал Зураб Адеишвили иҵәахреи апрокурор хада ибжьагаҩс иҟаҵареи, Адеишвили Германтәылеи евроеидгылеи рҿы аофициалтә аиԥыларақәа рҽалархәра зин иҭареи рыла ииашам сигналқәа ҟанаҵоит. Евроеидгылеи Германтәыла афедеративтә республикеи рҿы Зураб Адеишвили идкылара европатәи адемократиа азинтә ҳәынҭқарра аидеиа иазгәыкуп ҳәа иҟоу агәаанагара иҵнашәаауеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Украинаҿ аибашьра цоит, аха ақырҭуа криминалцәа рҵәахреи урҭ рыҭара мап ацәкреи изырҭаху еиликаауам.
„Украинаҿ аибашьра цоит, аха ақырҭуа криминалцәа рҵәахреи урҭ рыҭара мап ацәкреи изырҭаху еилыскаауам.
Евроеидгыла ала Қырҭтәылазы иҳәаақәҵоу “9 аҳәарак” рҿы ихадоу ақәыӷәӷәара адезинформациа аҿагылароуп. Қырҭтәыла аиҳабыра ари аԥшьгара аентузиазм дула иаԥылеитАдеишвили Украинаҿ адемократиа аргылара даҿуп, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа иҽалархәра ада ԥсыхәа ҳамам ҳәа Германттәылатәи Европатәи аинститутқәа ақырҭуаа агәра рдыргара изԥарылшо сзеилкаауам”, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили