Шьалуа Папуашвили - Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны Оҭар Ԥарцхалаӡе аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны аимадара имам, уи ҳаҭалатәи ахаҿы иоуп
Шьалуа Папуашвили - Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны Оҭар Ԥарцхалаӡе аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны аимадара имам, уи ҳаҭалатәи ахаҿы иоуп

Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны Оҭар Ԥарцхалаӡе аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны аимадара имам, уи ҳаҭалатәи ахаҿы иоуп,  уи зганахьала асанкциақәа аларгалаз Қырҭтәыла актәи атәылауаҩ иоуп, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ателеканал “Имеди” аефир аҿы.

“Иашьашәалоу аусҳәарҭақәа ари азҵаара ҭырҵаауеит, амзыз анеилыркаауа, ауааԥсыра аинформациа рырҭоит. Урыстәыла аганахьала аларгало асанкциақәа Қырҭтәыла еиланагом. Асанкциақәа реилагара аҭыԥ амамзароуп”, – иазгәеиҭеит Папуашвили.

ЕАШ Украина Урыстәыла иалагаз аибашьра инамаданы, 150 аиуристтәи афизикатәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа аланагалеит. Асанкциақәа зқәырҵаз дреиуп Қырҭтәыла ԥасатәи апрокурор хада Оҭар Ԥарцхалаӡе.