Шьалуа Папуашвили  - Аҵыхтәантәи 12 шықәса аоппозициаа хықәкык ауп ирымоу  - анапхгара ргар рҭахуп, атәым мчқәа рыдҵақәа назыгӡо амарионеттә режимс иҟазар рҭахуп
Шьалуа Папуашвили  - Аҵыхтәантәи 12 шықәса аоппозициаа хықәкык ауп ирымоу  - анапхгара ргар рҭахуп, атәым мчқәа рыдҵақәа назыгӡо амарионеттә режимс иҟазар рҭахуп

«Аҵыхтәантәи 12 шықәса аоппозициаа хықәкык ауп ирымоу  – анапхгара ргар рҭахуп, атәым мчқәа рыдҵақәа назыгӡо амарионеттә режимс иҟазар рҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа рриториака рыҧсахит, избанзар, лабҿаба ирбеит дара атәыла аибашьра иаларгаларц шырҭаху збо ҳажәлар агәынамӡара ду шаадырҧшуа.

«Аҵыхәтәаи 12 шықәса рзы абри аҩыза аҭоурых ҳамоуп, дара иҳәынҭқарратәым асектори аоппозициатә АИХқәеи рыцырхрааны, атәыла идыршәар рҭахын, атәыла анапхгара ирықәыҕәҕәон, рхатә пропагандеи  адезинформациеи рыла анапхгара ргар рҭахын.

Аха, дара рстудиақәа ирҭыҵны ауаа ианырҧыла, аҭак роуит. Ақырҭуа жәлар аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла ирбаз ргәы ҧнажәоит. Убри аҟынтә, аоппозициаа рриторика рыҧсахит. Атәым ркураторцәа рыбжьагарақәа рыла ауаа ржьар рҭахуп, уажәы аҭынчреи амшхәыбзазареи иазҿлымҳаушәа аадырҧшыр рҭахуп. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟала атәылаҿ аҭынчреи аекономикатә аҿиареи иаҧырхаган. Ажәлар уаҳа рыгәра шырымго рбоит», — иҳәеит Папуашвили.