Шьалуа Папуашвили - Абиуџьет аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла 125 атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылоит, ари афакт аҿаԥхьа адезинформациатә ҩар акгьы азыҟаҵом
Шьалуа Папуашвили - Абиуџьет аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла 125 атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылоит, ари афакт аҿаԥхьа адезинформациатә ҩар акгьы азыҟаҵом

Аполитикаҿ ареалреи афантазиеи реилалара аҳәааҿ, афактқәеи ахыԥхьаӡарақәеи рыҟазааразы Иҳақәиҭу иҭабуп ҳәа иаҳхәоит. Астатистикеи аԥхьаӡарақәеи ирҵабыргуа иаша аазырԥшуа афактқәа рҿаԥхьа адезинформациатә ҩар аҟгьы азыҟаҵом, – асоциатә каҭа Х аҿы иҩаит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили ишааицҳаз, абиуџьет аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла, инагӡаны иаарту  125 атәылақәа рыбжьара, ҧасеиҧш, актәи аҭыҧ ааннакылоит.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, иара убас,  абиуџьеттә хылаҧшреи атәылауаа рылахәызаареи аҩаӡараҿгьы,  Қырҭтәыла 125 ҳәынҭқарра рыбжьара ахәбатәи аҭыҧ ааннакылоит.

«Аполитикаҿ ареалреи афантазиеи реилалара аҳәааҿ, афактқәеи ахыԥхьаӡарақәеи рыҟазааразы Иҳақәиҭу иҭабуп ҳәа иаҳхәоит. Астатистикеи аԥхьаӡарақәеи ирҵабыргуа иаша аазырԥшуа афактқәа рҿаԥхьа адезинформациатә ҩар аҟгьы азыҟаҵом», — иануп Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.