Шьалуа Папуашвили - Аҭоурых иазку еиуеиԥшым ашәҟәқәа ҳрыԥхьозар ҟалап, аха ажәлар аибашьра ԥсаҭатәыс рыҭара ииашоуп ҳәа изыԥхьаӡаша иарбан ҭоурыху сыздырӡом
Шьалуа Папуашвили - Аҭоурых иазку еиуеиԥшым ашәҟәқәа ҳрыԥхьозар ҟалап, аха ажәлар аибашьра ԥсаҭатәыс рыҭара ииашоуп ҳәа изыԥхьаӡаша иарбан ҭоурыху сыздырӡом

Ишәгәалашәома, Урыстәыла Украина ианақәла ашьҭахь, аибашьра ашҟа ахатәгәаԥхарауаа рышьҭра, асанкциақәа ралагалара, ажәҩан аркра,аескалациа, аҭынчра аилагара  идҵаны иҳзықәдыргылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ҭелави алхратә кампаниа аан данықәгылоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, уажәы анапхгараҿ аоппозициаа иҟазҭгьы, 2008 шықәсазы ишыҟалаз еиԥш, ҳтәылаҿ аибашьра алагон.

“Аҭоурых иазку еиуеиԥшым ашәҟәқәа ҳрыԥхьозар ҟалап, аха ажәлар аибашьра ԥсаҭатәыс рыҭара ииашоуп ҳәа изыԥхьаӡаша иарбан ҭоурыху сыздырӡом”, – иҳәеит Папуашвили.