Шьалуа Папуашвили – Аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә Алхратә комиссиа хада зынӡа иалаҵан  53 ашшыҧхьыӡқәа, урҭ реиҳара  Facebook аҿы апостқәа ирыдҳәалоуп
Шьалуа Папуашвили – Аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә Алхратә комиссиа хада зынӡа иалаҵан  53 ашшыҧхьыӡқәа, урҭ реиҳара  Facebook аҿы апостқәа ирыдҳәалоуп

«Аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә Алхратә комиссиа хада зынӡа иалаҵан  53 ашшыҧхьыӡқәа, урҭ реиҳара  Facebook аҿы апостқәа ирыдҳәалоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, арҭ ашшыҧхьыӡқәа хықәкык ауп ирымоу  – аилагарақәа рстатистика аҧҵара.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа  лассы-лассы административтә ресурс ахархәареи, алхраҧхьатәи агитациа аилагареи уҳәа, еиуеиҧшым амзызқәа ирылацәажәоит.  Жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа аихшьаала бзиа анцырырга ашьҭахь, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа акрызҵазкәа аилагарақәа иҟоушәа аадырҧшыр рҭахуп.

Аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә Алхратә комиссиа хада зынӡа иалаҵан  53 ашшыҧхьыӡқәа. Административтә ресурс ахархәара иахьалацәажәо 39 ашшыҧхьыӡқәа рҟынтә 32  Facebook аҿы апостқәа ирыдҳәалоуп. Алхраҧхьатәи агитациатә процесс аилагара иахьалацәажәо  14 ашшыҧхьыӡқәа рҟынтә быжьба — Алхратә комиссиа хада алахәылацәа асоциалтә аҳаҿы иҟарҵаз апостқәа ирызкуп.

Ишубарҭоу ала, анаҧшцәа акоуп изҿу, —  Facebook иану гәарҭоит.  Шәааи ҳахаҧшып, административтә ресурс ахархәара ҳәа излацәажәо. Аилагара аҳасабала ҿырҧштәыс иааргоит адепутатцәа ма аделегатцәа еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рҿы рылахәызаара», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.