Шьалуа Папуашвили «Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан инапы аҵаиҩит
Иахьа анапы аҵазҩит «Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан, Саломе Зурабишвили ари азакәан лнапы аҵалмҩит , – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, ари азакәан уажәтәи, аамҭалатәи, иԥсаххо аидеиақәеи аидеологиеи ирызкым, ари азакәан аҿы ашәышықәсақәа рыбжьара ажәлар зыхьчоз аԥышәареи ақьырсиантә, ақырҭуа, европатәи ахәынаӡарақәа рыхьчара иазкуп.
“Ари азакәан атәылауаҩ цыԥхьаӡа изинқәа рыхьчара иазкуп, ауаҩытәыҩа изинқәа хьчазаауеит, ари ауп иҵабыргу адемократиа аҵаки аидеиеи”, – иазгәеиҭеит Папуашвили