Шьалуа Папуашвили - 21-тәи ашәышықәсазы Европа агәҭаны иаабо арыцҳара аҵыхәа ҧҵәатәуп
«Атәыла дуқәа ирымоу афинанстә ресурсқәеи егьырҭ ахархәагақәеи ҳамам, убри аҟынтә, Украина афинанстә цхыраара ду ҳзаҭом, аха, жәларбжьратәи аҩаӡараҟны ҳаргьы аҳалшо маҷым — жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аплатформақәеи рҿы Украина ҳадгылоит », — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина аус зуа ақырҭуа адиаспоратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа данырҧылоз.
Онлаин аформат аҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Шьалуа Папуашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Украина инхо аитәылауаа дышрыдгыло.
«Уажәгьы Украина иҟоу ҳаитәылауаа ачҳара рзеиҕьасшьоит. Урыстәылатәи агрессиа амшала ауаа рацәа арыцҳара ду иҭагылеит. Амассатә информациатә хархәагақәа рыла ари арыцҳара, ишиашо ҳҭаацәарақәа рҟнынӡа инеиуеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы.
Шьалуа Папуашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит аукраин жәлари Украина инхо аитәылауааи дышрыдгыло.