Шьалуа Папуашвили - 2024 шықәсазы  90% алхыҩцәа аелектронтә аҧхьаӡагақәа рыла абжьыҭира рылшоит
Шьалуа Папуашвили - 2024 шықәсазы  90% алхыҩцәа аелектронтә аҧхьаӡагақәа рыла абжьыҭира рылшоит

«2024 шықәсазы  90% алхыҩцәа аелектронтә аҧхьаӡагақәа рыла абжьыҭира рылшоит. Уи аҵакы ду амоуп, избанзар арадикалтә гәыҧқәа алхрақәа рыла аспекулиациа алшара роуам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили.

Папуашвили ишиҳәаз ала, аелектронтә алхрақәа ртехнологиа иазкны ауааҧсыра рыгәҭа акампаниа иалагоит апарламент аҟынтәи, избанзар ари атехнологиа иазку аӡбара рыдыркылеит азакәанҧҵаратә органаҿ.

Иара убас,  Шьалуа  Папуашвили иазгәеиҭеит: «Аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа абжьыҭира рылшоит ҧасатәи асистемала».

Иара иажәақәа рыла, анахарала абжьыҭира асистема аларҵәара амоуп тәылақәак мацара рҿы, ари атехнологиа ашәарҭара ацуп.