Шьалуа Папуашвили - 2010 шықәсазы автократиа ашьаҭаркҩцәа Бриуссель аҟынтә авизадатә неиааира ҳамҭас роуит, аха иҵегьы бжьышықәсеи “Агәахәтәы” ала арежим аҭархареи аҭаххеит атәылауаа авизадатә режим ранашьаразы
Шьалуа Папуашвили - 2010 шықәсазы автократиа ашьаҭаркҩцәа Бриуссель аҟынтә авизадатә неиааира ҳамҭас роуит, аха иҵегьы бжьышықәсеи “Агәахәтәы” ала арежим аҭархареи аҭаххеит атәылауаа авизадатә режим ранашьаразы

Брюссель адемократиа арԥсыҽра иазкну ахарадҵара, жәаҳәарада, имцуп, агьангьашроуп, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, “Саакашвили абахҭа дҭыҵырц ахьырҭаху, џьашьатәӡам”.

Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, Саакашвили ирежим аусзуҩцәа адипломаттә паспортқәа рзы авизақәа рыҭара армариара иазкыз аиқәшаҳаҭра 2010 ашықәс азы ишыбжьарҵаз. Усҟан Сандро Гиргвлиани, Бута Робакиӡе, Зураб Вазагашвили рышьра иазкыз аусқәа аартымызт, Зураб Адеишвили ателеканалқәа “Рустави 2-и” “Имедии” изтәыз рымиххьеит. Зыԥшаара иаҿу Адеишвили, иахьатәи аӡбамҭа ахьрыдыркылаз ауаҭахқәа рҿы, ҵыԥх Брюссель аиԥыларақәа мҩаԥигон.

Абаандаҩҵәа рыргәаҟреи, 2008 ышқәсатәи апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа реилахәареи, абизнес арекети изхароу ахаҿқәа, втократиа ашьаҭаркҩцәа Бриуссель аҟынтә авизадатә неиааира ҳамҭас роуит, аха иҵегьы бжьышықәсеи “Агәахәтәы” ала арежим аҭархареи аҭаххеит атәылауаа авизадатә режим ранашьаразы. Убри аҟынтә Брюссель адемократиа арԥсыҽра иазкну ахарадҵара, жәаҳәарада, имцуп, агьангьашроуп”, – иҩит Папуашвили.