Шьалуа Папуашвили – 12 шықәса еиҧҟьарада аҭынчра – уи машәырла акәӡам ишыҟалаз, ақырҭуа жәлар рҧеиҧш рнапахьы иргеит, абри ауп ари аҭынчра зыбзоуроу
«Мышқәак рышьҭахь имҩаҧысуа алхрақәа ирыӡбоит ҳара зхы иақәиҭу, аекономикатә ганахьала иҕәҕәоу, иаку Қырҭтәыла аргылара наҳагӡоу, мамзаргьы ҵыхәҧҵәарада аибашьрақәеи, арбгареи, агәыҕрадареи ашҟа ҳдырхынҳәоу», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак алахәыла, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Баҭым имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.
Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, ахьыҧшымра аиура ашьҭахь, Қырҭтәыла, имаҷымкәа аибашьрақәа ирхысит, убри аҟынтә, аҭынчра зыҧсоу адыруеит.
«Аҵыхәтәантәи 12 шықәса рыла лабҿаба иаабеит машәырла акгьы шыҟамло. Ҳара лабҿаба иаабеит атәыла аиҳабыра, егьырҭ ракәымкәа, рхатә уааҧсыра ринтересқәа ианрықәныҟәо, ажәлар рҧеиҧш рнапаҿы ишыҟоу. Убри аҟынтә, 12 шықәса еиҧҟьарада аҭынчра машәырла акәӡам ишыҟалаз, ақырҭуа жәлар рҧеиҧш рнапахьы иргеит, абри ауп ари аҭынчра зыбзоуроу.
Шәара шәхала шәазхәыц, ҧасатәи анапхгареи иахьатәи аоппозициеи иҳабжьарго ҟаҳҵазҭгьы иахьа ҳтәылеи ҳажәлари зеиҧшрахоз. Урыстәылазы ҩ-ганктәи аекономикатә санкциақәа шьақәҳаргылазҭгьы, аҳаиртәи адгьылтәи аимадара ҳаркызҭгьы, ҳекономика каҳауан, ауаа рацәа аусурҭада иаанхон.
Жьҭаара 26 рзы иҳаӡбароуп аҳәаанырцәынтә анапхгара ззыруа аоппозициаа ақырҭуа жәлар рҧеиҧш рхала ирыӡбаратәы азин рымхра рылшома? Ҿышәымҭын ҳәа ианрарҳәалак ҿырымҭуа, шәыҳәҳәа ҳәа ианрарҳәалак аҳәҳәара иалаго», — иҳәеит Папуашвили.