Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла апарламент аҿы иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылет
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла апарламент аҿы иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыҧ ахантәаҩы Ҳалил Етиемез диҧылеит.
Апарламент апресс-аҵзура адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи кыраамҭалатәи русеицура иахәаҧшын, азакәанҧҵаратә органқәа рыбжьара уажәааны еиҭашьақәыргылаз аусеицура ибзианы иахцәажәеит. Иара убас, аиҧылараҿы арегионалтә усеицурагьы иазааҭгылеит. Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, х-ганктәи аусеицура Қырҭтәыла-Ҭырқәтәыла-Азербаиџьан аҵакы ду анаршьоит. Иара убас, аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун арегион аҿы аҭынчра арҕәҕәара аҵакы.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, наҟ-наҟ астратегиатә партниорра арҕәҕәара иазыхиоуп.