Қырҭтәыла апарламент аантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду амилаҭтә тәылахьчаратә комитет ахантәаҩы Хулуси Акар дызхагылоу аделегациа алахәылацәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу аҭоурыхтә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи ирыхәаԥшит.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи евроатлантикатә интеграциеи еснагь рыдгылоит.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит “Абжьаратә коридор” аҿиара аус аҿы аҩтәылак ирымоу алагала ду.