Шьалуа Ҭадумаӡе аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, авице-аҧыза Вахтанг Гомелаури ихаҭыҧуаҩс дҟаҵоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
2019 шықәса инаркны иахьанӡа, Шьалуа Ҭадумаӡе Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 2018-2019 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыҧ ааникылон, иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс аус иуан.
Шьалуа Ҭадумаӡе 1998 шықәсазы Қарҭтәи агуманитартә институт далгеит, аиурист иквалификациа иоуит; 2006 шықәсазы адукатразы аҧышәара иҭиит; 2006-2007 шықәсқәа рзы Қарҭтәи аполитикатә ҭҵаарақәа ршколаҿ аҵара иҵон.